gGuitarama
Ш
Рекламаad-slot:header
Тон
0
Прокрутка
Шрифт
Вид аккордов
[Chorus]:
Шьышь нани,
Шьышь нани,
Уцәа,сырҧыс,уанани,
Рыҩны уҟам уаби уани,
Амшын еиқәа уамами!
[Verse 1]:
Згәы шьҭыҵуа ацәқәырҧақәа
Уа урҵысуа урымами,
Аҧша унырдоит аҧра шлақәа,
Атырқәа иӷба угарами.
Аҧша анырзас ӷәӷәалашәа,
Ртәыла хәыҷы рымнахырц,
Амшын шарҵааз угәаларшәа
Амҳаџьырқәа рылаӷрыӡ.
[Chorus]:
Шьышь нани,
Шьышь нани,
Уцәа,сырҧыс,уанани,
Рыҩны уҟам уаби уани,
Амшын еиқәа уамами!
[Verse 2]:
Уандухалакь,Амшын еиқәа
Ур,уҩныжәқәа имыӡӡахьоу,
Аҟарма рыҟәных архнышьнақәа,
Амца еиқәуҵап ицәахьоу!
Нас уи аҳәа уҧсадкылаз
Ахьӡ зларгоз уабацәа,
Ахаҵа-ихаҵа,уҧсадгьылаз,
Раҧхьа унагыл ақәҧацәа!
[Chorus]:
Шьышь нани,
Шьышь нани,
Уцәа,сырҧыс,уанани,
Рыҩны уҟам уаби уани,
Амшын еиқәа уамами!

Видео

Смотреть на YouTube

Видео для этой песни пока не подобрано.