[Verse 1]:
Ашәҭбыбк ҿысхит аҧша цәгьа
ҳашҭа иҭаҩуеит
Иаҳәоу саҳауам
Быччабжь ада ак гом
Ашәҭ арыцқәа ҳгәеисыбжь
ҳнархьуеит, избаан абас?
Ианбанӡа ас?
Ари зегь ҧхыӡуп уеизгьы
[Pre-Chorus]:
Аҧша ҳагоит ныҟәара
Бысцәыӡит , анаҟә сацны сцап
Уажәшьҭа ҳаиқәымшәаргьи
[Chorus]:
Шьҭа быбжьы саҳауам,
алашьцараҿ иакуам
Сгәаҵаҿ иҭаҵәахны исымоу акәицқәа
Шьҭа зынӡа бхарацәоуп, сыбла хыстыр ҳәа сшәоит
Ацәа салҵыр исзаанхоит акәицқәа
[Verse 2]:
Бара быччаҧшь уахынла
амза лаша иаҩызан
Сымҩа арлашон
Аха ари зегь ҧхыӡуп уеизгьы
[Pre-chorus]:
Аҧша ҳагоит ныҟәара
Бысцәыӡит , анаҟә сацны сцап
Уажәшьҭа ҳаиқәымшәаргьи
[Chorus]:
Шьҭа быбжьы саҳауам,
алашьцараҿ иакуам
Сгәаҵаҿ иҭаҵәахны исымоу акәицқәа
Шьҭа зынӡа бхарацәоуп, сыбла хыстыр ҳәа сшәоит
Ацәа салҵыр исзаанхоит акәицқәа
[Bridge]:
Амшын схыланы сыӡсоит...
бара бҟынӡа шьҭа снаӡоит... быҧшыз…
сара быссыҧшыз
[Chorus]:
Шьҭа быбжьы саҳауам,
алашьцараҿ иакуам
Сгәаҵаҿ иҭаҵәахны исымоу акәицқәа
Шьҭа зынӡа бхарацәоуп, сыбла хыстыр ҳәа сшәоит
Ацәа салҵыр исзаанхоит акәицқәа
[Outro]:
Амшын схыланы сыӡсоит...
бара бҟынӡа шьҭа снаӡоит... быҧшыз…
сара быссыҧшыз
Ари ҧхыӡыздгьи зынгьи
шьҭа ҳаиқәшәароуп ҳарҭ лассы... быҧшыз…